Print this page
31.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациа азы акомиссиа аилатәара Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 28-29, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи ирзырхаз Аԥсныи Урыстәылеи ркомиссиа абыжьбатәи аиԥылара.

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа жәларбжьара-зинтә еиқәыршәара еиуеиԥшым аспектқәа ирылацәажәеит. Аиԥылара мҩаԥысит аилибакаареи аиҩызареи зныԥшуаз ҟазшьала.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акомиссиеи Урыстәылатәи Афедерациа аделегациеи анаҩстәи изаамҭанытәиу реиԥылара ахьымҩаԥысуеи иара анымҩаԥгахаша арыцхәи рзы ҷыдала адипломатиатә каналқәа рыла адырра рибаҭоит.

 

 

 


Read 359 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 14:03