Print this page
31.Лаҵара.2024

Аминистрцәа Реилазаара аҿы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада ахаҭарнакцәа идикылеит.

Аиԥылара аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара шьаҿа-шьаҿалатәи аиӷьтәреи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи рџьаԥса ашәареи рзы аицфинансыркра амҩаԥгара азы жьҭаарамза   23, 2020 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара изаамҭанытәиу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба.   

 

 


Read 362 times - Асабша, 01 Рашәара 2024 13:25