Print this page
06.Цәыббра.2022

АҞӘАТӘИ АИНФЕКЦИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АХЬ ИААИТ БАШКОРТОСҬАНТӘИ АҲАҚЬЫМЦӘА.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь иааит Башкортосҭанынтәи аҳақьымцәа гәыԥҩык, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҳақьымцәа разымхара инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала, башкиртәи аспециалистцәа мызкы иалагӡаны Аҟәатәи аинфекциатә хәашәтәырҭа аҿы аус руан.

Цәыббрамзазы башкиртәи аҳақьымцәа рыԥсахит урҭ рколлегацәа – Уфа ақалақь иҟоу Ареспубликатә клиникатә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым-аинфекционист Дариа Семионовеи аклиникатә хәышәтәырҭа  №17 аҳақьым-ареаниматолог Ирек Хазиеви. Урҭгьы иара убас мызкы иалагӡаны Аԥсны аус рулоит.


Read 823 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 10:57