Print this page
07.Цәыббра.2022

ЦӘЫББРАМЗА 10 – 12 РЗЫ БЗЫԤ АӠИАС ИХУ АЦҲА АЛА АНЫҞӘАРА ААНКЫЛАХОИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абруԥагәатә еиҿаԥшьрақәа рыԥсахра иадҳәаланы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара инамаданы, Бзыԥ аӡиас ихыу ацҳа аҟны цәыббрамза 10, асааҭ 05:00 инаркны ахәылбыҽха асааҭ  19:00 рҟынӡа  аныҟәара аанкылахоит.

 Ацҳа Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблеи Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭеи еиманадоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа апресс-маҵзура. Аибаркыгақәа рыԥсахра аргылаҩцәа ҩаха-ҩымш иадхалоит. Ацҳа ала аныҟәара ҩаԥхьа ихацыркхоит цәыббрамза 12 рзы.  сентября.   Последнее изменение Среда, 07 сентября 2022 16:19.


Read 596 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 21:28