Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәареи уи хыркәшахеижьҭеи 160 шықәса аҵреи ирызкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.
Ари амш азы апрограмма инақәыршәаны, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥыз мҩаԥысит.
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны С.У. Багаԥшь иашҭа инаркны амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа аҿар абираҟқәа кны аԥшаҳәа иқәсит.
Апарламент адепутатцәа амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аусмҩаԥгатә аҟны еизаз ирыдгыланы лахьеиқәрала амҳаџьырқәа ргәаладыршәеит, ибжьаӡыз рыхьӡала ацәашь ду «Ашьамаҟа» аркреи «Нарҭаа рымца» аиқәҵареи, ашәҭшьыҵәрақәа амшын рыхҵареи ирызкыз ацеремониа рҽаладырхәит.