Print this page
07.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЧЕРҚЬЕСК АИААИРА АПАРК АҾЫ АШӘҬҚӘА ШЬҬАИҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иахьа Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Черқьеск Аиааира Апарк аҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Черқьеск ақалақь аҟны Аиааира апарк аҿы  аиашьаратә ҳаҭгәын "Наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша амца" аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Ацеремониа иалахәын иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Апарламент адепутат Леонид Лакербаиа, агәыҳалалратә фонд «Помним» аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуа, Нхыҵ-Кавказынтәи иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.

 

Аԥсны Ахада иара убасгьы ашәҭқәа шәҭеиҵеит абаҟа «Асовет солдаҭ Аиааира згаз» аҿы. Амемориал шьақәыргылоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ақалақь Черкесск инхоз, иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз, ахәрақәа ирхыԥсааз ргәалашәара аҳаҭыр азы.


Read 402 times - Ахаша, 07 Цәыббра 2022 20:36