Print this page
20.Лаҵара.2024

Аԥснытәи ажурналистцәа апроект «SputnikPro на Зубовском» рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арккаратә проект «SputnikPro на Зубовском» аҩбатәи асезон хацыркхеит Москва ақалақь аҿы.  

Амедиагәыԥ «Россия сегодня» аекспертцәа хәымш рыҩныҵҟа ажурналистцәа, аблогерцәа, ауаажәларратә активистцәа рԥышәа рымардалоит. Асасцәа ирзыԥшуп ҳаамҭазтәи амедиа ихадоу ахыхарҭақәа рыла амастер-классқәеи аԥышатә зыҟаҵарақәеи.  

Уажәазы апроект иалахуп Аԥснынтәи,  Азербаиџьанынтәи, Ермантәылантәи, Белорусиантәи, Ҟазахсҭанынтәи, Кыргызсҭанынтәи, Молдовантәи, Узбекьысҭанынтәи, Аахыҵ Уаԥстәылантәи  12-ҩык алахәылацәа. 

 

 


Read 348 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 23:15