Print this page
20.Лаҵара.2024

Абырзен-римтәи еиқәԥара азы Аԥсны еизгоу акоманда Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара рҽазыҟарҵоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абырзен-римтәи еиқәԥара азы Аԥсны еизгоу акоманда аспортсменцәа  Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҿы Урыстәыла еизгоу акоманда иацны аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгақәа рхы аладырхәуеит.

Аизгақәа ирылагеит лаҵарамза 17 рзы. Урҭ рашәарамза  3 рҟынӡа имҩаԥыслоит.

 Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа мҩаԥыслоит рашәарамза 12 – 23 рзы Казань ақалақь аҿы. Ари зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи амультиспорттә турнир еиднакылоит Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа рҟынтәи  5 нызықьҩык инареиҳаны алахәылацәеи ааԥхьара зауз асасцәеи.

 


Read 181 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 20:53