Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит.
Уи азы Аусԥҟа лаҵарамза 15, 2024 шықәса рзы инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.