Print this page
16.Лаҵара.2024

Лыхны ақыҭан иԥшааны ирымырхит 99 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны акриптовалиута арҳара иазку 99 аппаратқәа рыԥшаареи рымхреи рзы аоперативтә операциа мҩаԥыргеит.

Габлиа Римма Оҭар-иԥҳа  ԥшәымас дызмаз амаининг-ферма Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭанахатәы ҩны адгьылҵакыра аҿы аус ауан.

Изакәанымкәа ахархәара змаз афымцамч азеиԥш мчхара 277 кВт/с. ҟынӡа инаӡоит. Акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа аконфискациа азуны Аԥсны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.


Read 250 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 20:54