Print this page
14.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иадҳәалоу апроблемақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҟны аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аҳәынҭқарратә политика аҿиараҟны ихадароу ахырхарҭақәа ишыруаку аԥсуа бызшәа аҿиара.

«Абри азҵаараҟны, ҳәарада, апроблемақәа ҳамоуп. Иахьатәи аилацәажәарахь аспециалистцәа,  алингвистцәа, абызшәадырҩцәа ааҳаԥхьеит. Зыгәра зго аекспертцәа шәгәаанагара саҳар сҭахуп. Ҳаидгыланы ҳхатәы бызшәа аҿиара амҩақәа рыԥшаара ҳалагароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.    Аилацәажәара иалахәыз абызшәа аҿиареи аларҵәареи ирԥырхагоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иҟан абызшәа аиқәырхаразы шьаҭанкылатәи азнеишьақәеи амыругақәеи рыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа агәаанагарақәа.  Иазгәаҭан статиақәак иахьа аус шырымуа, убри аҟнытә «Аҳәынҭқарратә бызшәазы» Азакәан аԥсахрақәеи ахарҭәаарақәеи ралагалара шаҭаху.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, абызшәадырҩцәа, алингвистцәа, абызшәа иазку аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәақәак.   

 

 


Read 249 times - Ахаша, 15 Лаҵара 2024 22:09