Print this page
13.Лаҵара.2024

Атәыла ашколқәа зегьы рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьқәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 22 рзы.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гоит лаҵарамза 22 рзы, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атәыла аҵара Аминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы  153-атәыла ашколқәа ирылгоит 1900-ҩык инарзынаԥшуа аушьҭымҭацәа.

«Ҳара 12-ҩык амедал аиуразы акандидатцәа ҳамоуп. Жә-ҩык «ахьтәы» медал аиуразы акандидатцәа роуп, х-ҩык «араӡны» медал аиуразы акандидатцәа роуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәытелиа.

Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит 9 - 11 аклассқәа рҿы итәоу рзы аушьҭратә ԥышәарақәа лаҵарамза  30 инаркны рашәарамза 20 аҟынӡа имҩаԥгахоит, урҭ рышьҭахь ақалақьтәии  араионтәии ашколтә балқәа.  

 


Read 235 times - Аҩаша, 14 Лаҵара 2024 19:45