Агәабзиара, агәамч, хра злоу арҿиаратә мҩа изеиӷьаҳшьоит. Ҳазгәдууп иӷәӷәоу ауаажәларратә позициа змоу Амиран Сардион-иԥа ҳпартиа Аполитикатә Хеилак алахәылас дахьыҟоу. Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи!
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор, ҳаҳҭнықалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Аиааира амонумент автор, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба 70 - шықәса ихыҵра инамаданы идныҳәалеит.