«Асахьаҭыхратә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи рус аҿы илагала дууи зыҩаӡара ҳараку изанааҭтә ҟазареи рзы Адлеиба Амиран Сардион-иԥа «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит», – ҳәа иаҳәоит нанҳәамза 5, 2022 ш. Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа аҿы.