Print this page
11.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министрс дахьыҟарҵаз идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩыс дахьыҟарҵаз инамаданы дидныҳәалеит. Абри атәы иаанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

«Шәара шәҳәынҭқарратә усуреи шәзанааҭтә дырреи ирыбзоураны асанкциақәа рҟынтәи ақәыӷәӷәара анрымоу аамҭазы шәнапхгарала Аиҳабыра рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа зегьы ихырҳаган ишынарыгӡо агәра умгар залшом.

Шәара шәлагала дууп ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рыҿиараҿы. Агәра згоит, аԥхьаҟагьы ҳажәларқәа еицырзеиԥшу ахықәкқәа рынагӡараҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара шаиуа», — ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны.

Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны, атәыла Ахадас иалху иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь аиҳабыра ԥхьатәара ицоит. Аминистрцәа реилазаара ҿыц ашьақәыргылара иалагоит ахантәаҩы данарҭалак ашьҭахь. Уи азын Аусԥҟа инапы аҵаиҩуеит атәыла Ахада, аԥыза-министр икандитатура Аҳәынҭдума ианышьақәнырӷәӷәалак анаҩс.

 


Read 356 times - Асабша, 11 Лаҵара 2024 14:07