Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аветеранцәа ирызнаргеит Апарламент Аппарат ахаҭарнакцәа Денис Киут, Нодар Шьоуа, Асҭамыр Кациа.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара аламҭалазы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатс дахьалхыз аокруг ала инхо аветеранцәа Елена Тимофеи-иԥҳа Водзинскаеи Иуан Ҷыҷыкәа-иԥа Ԥлиеи рыхьӡала адныҳәаларақәа ишьҭит.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аветеранцәа ирызнаргеит Апарламент Аппарат ахаҭарнакцәа Денис Киут, Нодар Шьоуа, Асҭамыр Кациа.