Print this page
05.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ақьырмианцәа зегьы Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥныҳәа 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсҭазаара ҿыц, ҩныҵҟала аиҭеира иазҳәоу Мшаԥы лаша аныҳәа ду!

Ари аныҳәа аԥсуа жәлар ҳзы жәытәнатә аахыс ныҳәа дуун, аныҳәақәа зегьы иреиҳан. Абри аҽны даҽа аамҭанык еиԥшымкәа зегьы ауаҩра, аилибакаара, аҳаҭыреиқәҵара реиԥш иҟоу аҵас бзиақәа ирымоу аҵакы ҳазхәыцуеит, урҭ рықәныҟәаразы агәаԥхара ҳауеит. Амшаԥ ныҳәа иацны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиааит агәыӷра лаша, анасыԥ. Ԥхаррала, бзиабарала иҭәызааит шәыгәқәа,

Мшаԥныҳәа алԥха шәымзааит зегьы ҭаацәаныла! 

 

Ҽаанбзиала шәнеилааит!»


Read 253 times - Аҩаша, 07 Лаҵара 2024 13:46