Print this page
30.Мшаҧы.2024

Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҿы еилоу аихацалакытә аҩаӡара аҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы урыстәылазегьтәи аицлабрақәа «Ааԥынтәи Ахраҿа» («Весенний Кубок») рҿы 13 шықәса зхыҵуа,  I А акатегориа иаҵанакуа рыбжьара, еилоу аихацалакытә аҩаӡара аҿы аџьазтә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан мшаԥымза 22 – 27 рзы Москватәи аобласть, Мытишьи аҳабла аҿы.  

Нестор Цужба Алеқсандр Островски ихьӡ зху Академиа аҿы Алеқсандр Мальцев инапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Иара аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лааӡамҭа иоуп.


Read 604 times - Ахаша, 01 Лаҵара 2024 18:18