Print this page
27.Мшаҧы.2024

Краснодартәи аҽырҩырҭа аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара Аԥхьахә агаразы аҽырыҩра мҩаԥган.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 27 рзы Краснодартәи аҽырҩырҭа аҿы аҽырыҩратә сезон аартра мҩаԥысит. Аҽырыҩрақәа актәи амш азы 12 ҽырыҩра мҩаԥысит, аицлабрақәа рхы аладырхәит аԥснытәи аҽыааӡаҩцәа рҽыҩқәа.

Аҽырыҩратә сезон Аартра иазкыз 1800 метранӡа  аҽырыҩра рхы аладырхәит  хы-шықәса зхыҵуа арабжәла змоу аҽыҩқәа.   Беслан Абхазаа иҽыҩ Осман Абан аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҽыҩ  Колхида Терск ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара Аԥхьахә агаразы 1800 метра рҟынӡа аҽырыҩра аҿы Ахра Ашәба иҽыҩ Џьалил Гранд аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, актәи аҭыԥ ааннакылеит Теректәи ашьацқьа злоу аҽааӡарҭа азауад иатәу аҽыҩ Терск Сноушторм.

А.П. Белозиоров игәалашәара иазкны 1800 метра рҟынӡа аҽырыҩра аҿы Беслан Барганџьиа иҽыҩ Аԥсны Маестро афбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Алагаларатә аԥхьахә аиуразы 2000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциа аҿы арабтәи аҽыҩқәа рыбжьара аицлабра аҿы Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ  Аԥсны Голд зегьы раԥхьаӡа афиниш аҟынӡа инаӡеит


Read 247 times - Ашәахьа, 29 Мшаҧы 2024 13:21