Print this page
24.Мшаҧы.2024

Алеқсандр Анқәаб Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа дидикылеит.

Аҟәа.  Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа дидикылеит.  

Ацҳаражәҳәаҩ аԥыза-минстр Никарагуа иҟоу Аԥсны адипломатиатә Хылаԥшырҭа аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи рырҿиара анаҩстәи аперспективақәеи рзы имҩаԥнаго аусура атәы изеиҭеиҳәеит.  

Аԥснытәи адипломатиатә миссиа ахада, Ацҳаражәҳәарҭа Никарагуа анапхгаратә структурақәа аус рыцура, аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи жәпакы аиҩызаратә еимадара рыбжьаҵара азы еффективра злоу аусура мҩаԥнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

Инар Ладариа иара убас Ацҳаражәҳәарҭа 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаны иамоу ауснагӡатәқәа, абизнес-структурақәа рхаҭарнакцәа рԥыларақәа уахь  налаҵаны, аусуратә еиԥыларақәа ртәы еиҭеиҳәеит.

 


Read 100 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 23:44