Print this page
22.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҩбатәи Аԥснытәи Амедицинатә форум аҽалархәразы Аԥсныҟа иааз Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул дидикылеит.

Аиԥылараҟны агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҩ-республикак рыбжьара аусеицура иамоу аҵакы.

Кристина Албул лганахьала   илҳәеит Аԥсни Приднестроивеи 30 шықәса раахыс аиҩызара шрыбжьоу.  «Ҳара ҳабжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны аусеицура шьақәыргылоуп. Сгәы иаанагоит арҭ аҩымшк лыҵшәа бзиала аус еицаҳуп, ари ҳусбарҭақәа реимадара иацхраап ҳәа», - илҳәеит лара.

Кристина Албул Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы.

 

 


Read 307 times - Ашәахьа, 22 Мшаҧы 2024 17:40