Print this page
05.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа ааха роуит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа – хаҵеи ԥҳәыси урҭ ҩыџьа рхәыҷқәеи ааха роуит. Абылра ҟалеит В.Арӡынба имҩала игылоу аҩны аҿы.

«Амца акит ҩ-еихагылак змоу аҩны. Иҷыдру аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥ амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит 19 сааҭи 24 минуҭи рзы. Амца арцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба», ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Иҟалаз амцакра  иахҟьаны иблит ҩ-уадаки аҩны ахыбреи.  

Ааха зауз ауаа ахәышәтәырҭахь инаргеит.

Абылра аҿы аблырахәрақәа зауз ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ахәыҷқәа ареспублика анҭыҵ ргара  хымԥадоуп, ҳәа адырра ҟарҵеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирург Роман Богомолов абылра аҿы ааха зауз рҭагылазаашьа зеиԥшроу  атәы еиҭеиҳәеит:  «Ахәылбыҽха, асааҭ ааба рыбжазы ахәышәтәырҭахь инаган зҭагылазаашьа акыр иуадаҩыз хаҵеи ԥҳәыси. Уажәы урҭ рҭагылазаашьа иҭышәынтәалоу иуадаҩу ҳәа иԥхьаӡоуп. Апациентцәа рҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥган».


Read 175 times - Асабша, 06 Мшаҧы 2024 11:35