Print this page
04.Мшаҧы.2024

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара акруизтә турқәа реиҿкаара азҵаара азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара акруизтә турқәа реиҿкаара азҵаара азы аиҿцәажарақәа мҩаԥысит.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиҿцәажәарақәа ихы алаирхәит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба, урыстәылатәи аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа – Дмитри Вахрукови  Дмитри Вольвачи, Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра, атранспорт Аминистрра, Урыстәылатәи аӷбаныҟәара Апалата, Амшын Еиқәа амшынтә баӷәазақәа Рнапхгараҭара рҟынтәи аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа.


Read 118 times - Ахәаша, 05 Мшаҧы 2024 10:57