Print this page
03.Мшаҧы.2024

Апарламент аҿы адепутат Инар Гыцба ҽҳәраанӡа изынмчы аанкылара ишақәшаҳаҭым азы рыбжьы рҭиит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа адепутат Инар Гыцба ҽҳәараанӡа изинмчы  аанкылара иақәшаҳаҭымхаӡеит.

Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба адепутат Инар Гыцба ас еиԥш аӡбамҭа адкылара дахыццакцәеит ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Аокруг ауааԥсыра агәынамӡареи агәҭынчымреи аадырԥшит. Урҭ ҳара иҳадҵаалеит, анапынҵақәа еизыргеит. Ҳара ҳгәаанагаралагьы ас еиԥш аӡбамҭа адкылара аццакцәара иазкуп, уи аемоциала иҟаҵаз аӡбамҭа ауп», - ҳәа иҳәеит иара.

Адепутатцәа реиҳараҩык Апарламент Аиҳабы Ихаҭыԥуаҩ игәаанагара иадгылеит, адепутат Инар Гыцба ҽҳәараанӡа изинмчы аанкылара ишақәшаҳаҭым азгәарҭеит. Убас Инар Гыцба изинмчы  ҽҳәараанӡа аанкылара дақәшаҳаҭхеит аӡәы,  иҽааникылеит аӡәы, уи ишақәшаҳаҭым азы рыбжьы рҭиит – 26-ҩык.


Read 174 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 15:14