Print this page
03.Мшаҧы.2024

Аԥсны Абанк иҭнажьит агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон».

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк агәалашәаратә ԥараҿырпы «Аԥсҳа Леон» ҭнажьит.

Аԥараҿырпы атираж -  300 цыра рҟынӡа инаӡоит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 25 ԥсар рҟынӡа инаӡоит, уи  зыцқьара 999 ыҟоу ахьы иалхуп.  Аԥараҿырпы агәҭаӡа - 30 мм, акапан - 15,72 грамм ыҟоуп. 

Асахьаҭыхыҩ –  Руслан Габлиа.

Аԥараҿырпы ахаҿратә ган аҿы агәҭа аҳҭнықалақьқәа рыхьӡқәа «АНАҞӘАԤИА», «ҚӘҬЕШЬ», иара убас иаарту амаҿа зцу ажәытә Аԥснытәи Аҳра ахсаала ануп. Уи иақәланы ицоит   «25 ԥсар» ҳәа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа. Аԥараҿырпы хыхьтәи аганахьала агьежьбжата аформала «Аԥсны Абанк» ҳәа аҩыра, иара убас илгәыгәны иҟаҵоу Ареспублика Аԥсны  агерби рсахьа ануп. Уи аҵаҟа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьеи ианҭыжьыз 2023-тәи ашықәси ануп. Аԥараҿырпы ҵаҟатәи ахәҭа аҿы агьежьбжата аформала «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА IX АШӘ» ҳәа аҩыра ануп.

Ареверс агәҭаны иануп Аԥса Леон аҿаԥҟаԥшратәи ипортреҭ. Арыӷьарахьтәи аганахьала ахагәҵәытә ҩ-цәаҳәак  рыла «АԤСҲА ЛЕОН» ҳәа аҩыра ануп.


Read 160 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 14:47