Print this page
03.Мшаҧы.2024

2024 шықәса I аԥшьбара азы аҳазалхратә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 732 млн. мааҭ рҟнӡа инаӡоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы иҟаҵаз аҳазалхратә лагалақәа реицҵалыҵ 312,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.  

2024 шықәсазы ашәатәқәа иҳаҩсыз ашықәс азы хажәкырамзазы иҟаз арбага аасҭа  75,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп.  

Ҳазҭоу ашықәс актәи аԥшьбара азы планла иазԥхьагәаҭаз 542 млн. мааҭ рыла фактла иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 732 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аплантә рбагақәа 139 % рыла инагӡоуп.


Read 162 times - Ахаша, 03 Мшаҧы 2024 14:51