Print this page
02.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа 76,5 грамм аметадон идырбалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо, 1984 шықәсазы ииз Џьынџьал Асҭамыр Оҭар-иԥа. Уи хаҭалатәи игәаҭара амҩаԥгаразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь днаган.

Иаанкылаз ахаҵа ҩыџьа ашаҳаҭцәа алархәны ихала иҵәахны имаз аилаҳәара цәыригеит.

Имхыз амаҭәашьар анаҩстәи аҭҵааразы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу аексперт-криминалисттә Центр ахь идәықәҵахеит.   Уаҟа ишьақәыргылан, иарбоу аилаҳәара иагәылаз, зыкапан 76,595 грамм рҟынӡа инаӡо (зыкапан рацәоу ҳәа иԥхьаӡоуп) аххыраԥшра змоу ишкәакәоу амаҭәашьар анаркотик «метадон» шаку.    

Асҭамыр Џьынџьал Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  224, ахәҭа 3, ап. «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп.

Иарбоу ашьаусеилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша. 


Read 133 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 19:40