Print this page
02.Мшаҧы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара нанагӡеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҵәиԥрыга МИ-24 Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ ақыҭан авариатә тәара нанагӡеит. Уи ашьҭахь аԥырратә машьына амца акит.

Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Аекипаж алахәылацәа рыхҩык  – Гьаргь Ԥачлиа, Витали Корнеев, Едуард Мкртчан рыԥсқәа ҭоуп. Урҭ Агәыӡера аҳаблан иҟоу арратә хәышәтәырҭа ахь инаргеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Аԥсны Арратә Ҳаиртә Мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба.


Read 123 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 15:29