Print this page
02.Мшаҧы.2024

Атәылахьчара Аминистрра Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ианаҭеит аҽазыҟаҵаратә арратә инвентар.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа ианаҭеит ааԥхьаранӡатәи аҽазыҟаҵарақәеи атәылауаҩратә хьчареи рзы аурокқәа рзы ахархәара зауа аҽазыҟаҵаратә арратә инвентар.    

Аҵара Аусбарҭа аҿы атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵаз адгылареи еиҵагыло аҿар рырра-патриоттә ааӡара аус аҿы имҩаԥнаго аусеицуреи рзы иҭабуп рҳәеит.

«Ҳара ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны, Ареспублика Аԥсны адоуҳатә леишәатә мазара аихаҳарала, уи уажәтәи аамҭа еиԥш ԥхьатәи аԥеиԥшгьы рзы хра злоу ҳлагала ҟаҵо  даара акыр зҵазкуа аус ҳаҿуп», - ҳәа аџьшьаратә шҟәы аҿы  иазгәалҭеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.


Read 118 times - Аҩаша, 02 Мшаҧы 2024 15:20