Print this page
29.Хәажәкыр.2024

Аурыс драматә театр актиорцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп.

Сухум. 29 марта 2029. Апсныпресс. Аслан Бжьаниа Аурыс драматә театр актиорцәа  Абыхәба Осман Олег-иԥа, Депелиан Рубен Аркади-иԥа, Спафопуло Серафима Харлампи-иԥҳа, Шишкин  Кирилл Алеқсандр-иԥа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рхиҵеит.

 

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Атеатртә ҟазараҟны алшамҭақәа рзы, иҳараку апрофессионалтә ҟазаразы   Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә адраматә аурыс театр  актиорцәа, иналукааша асцена аҟазацәа:  Абыхәба Осман Олег-иԥа, Депелиан Рубен Аркади-иԥа, Спафопуло Серафима Харлампи-иԥҳа, Шишкин  Кирилл Алеқсандр-иԥа.

 Аусԥҟа иаҵаҩуп  2024 шықәса хәажәкырамза 27 рзы.

 

 

 


Read 346 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 13:35