Print this page
29.Хәажәкыр.2024

Аорӷанрҳәаҩы Сергеи Буткеев Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Будкеев С.М. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

 

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Аԥсны аклассикатә музыкатә ҟазара арҿиареи аларҵәареи рыҟны илагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит аорӷанрҳәаҩы,   Алтаитәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Будкеев  Сергеи Михаил-иԥа».

 

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусшәҟы  инапы аҵаиҩи 2024 шықәса, хәажәкырамза 27 рзы.

 

 

 

 


Read 369 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 13:08