Print this page
23.Хәажәкыр.2024

Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин дидышшылеит «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт инамаданы дидышшылеит.

Адышшыларатә цҳамҭа атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, аконцерттә зал «Крокус-Сити Хол» аҿы иҟалаз, шәҩыла акгьы зхарамыз аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атерраристтә акт азы иҳауз ажәабжь хлымӡаах акыр ҳаршанхеит.  Атерроризм – ахьырхәратә ҿҳәара змам, даараӡа ихьанҭоу цәгьоуроуп. Жәаҳәарада, ӷәӷәала ҳақәыӡбоит ари агәымбылџьбаратә акт. Агәра ҳгоит уи аиҿкааҩцәеи анагӡаҩцәеи хымԥада ирыхәҭоу ақәнага ишақәыршәахо.

Ареспублика Аԥсны Анапхгара иҭахаз зегьы рыуацәеи рҭынхацәеи ирыдышшылоит.  Ааха зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит. Урыстәыла ажәлар рхьаа рыцеиҩаҳшоит, есымша рааигәара ҳаҟоуп».


Read 126 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 19:54