Print this page
17.Хәажәкыр.2024

Ибаџьдоу ахәаахәҭра адәқьан ахархәара апроцедурақәа реилагара аарԥшхеит Цандрыԥшь аҳаблаҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Цандрыԥшь аҳабла, аихамҩатә вокзал иацәыхарамкәа  иҟоу Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абаза Трейд» иатәу ибаџьдоу ахәаахәҭра адәқьан аҿы  3 000 цыра инарзынаԥшуа  асигареҭ «Chapman» аҳазалхратә закәанԥҵара аилагарала аҭира иадҳәалоу афакт  аадырԥшит. 

Асигареқәа аконфискациа мҩаԥгоуп. ЗҲәА «Абаза Трейд» адиректор Хада иганахьала административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхатә Еилакы аофициалтә саит.      


Read 209 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 09:42