Print this page
15.Хәажәкыр.2024

Алеқсандр Анқәаб аматематика азы иҩны аԥышәара аҭара азы аҵара аминистр идҵа аԥихит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Азеиԥшҵареи иреиҳау аҵарадырреи русхкы аҿы аспециалистцәа рыҿцәажәарақәа рышьҭахь, 150-ҩык инареиҳаны ареспублика апрофильтә рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ааԥхьара ҳасаб азуны, Адеқсандр Анқәаб хәажәкырамза  15, 2024 шықәса рзы, аҵара аминистр «Амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас амаҭәар «Аматематика: алгебреи анализ алагареи, агеометриа 11-тәи акласс аҿы» ала иҩны аԥышәара аҭаразы» жәабранмза 8, 2024 рзы иҟаиҵаз Адҵа № 21 аԥыхразы Ақәҵара № 31-р ҭижьит. 

 


Read 260 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 15:39