Print this page
13.Хәажәкыр.2024

Академик Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Ахьтәы медал ианашьахеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, академик Шьоҭа Ҟасҭа-иԥа Арсҭаа анаука аҿы иеихьӡарақәа рзы Анаукақәа Ракадемиа «Ахьтәы медал» ианашьахеит, ҳәа  Академиа азеиԥш Еизара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.  

Афилологиатә наукақәа рдоктор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Шьоҭа Арсҭаа хәажәкырамза 10 рзы 95 шықәса ихыҵит.

Иара Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа раԥхьатәи апрезидентс дыҟан. Уи напхгара аиҭон 1997 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа.  


Read 316 times - Ахаша, 13 Хәажәкыр 2024 22:45