Print this page
12.Хәажәкыр.2024

Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.   

Аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы, акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа  аоркестр амилаҭтә музыкатә традициақәа реиқәырхара, амилаҭтә инструментқәеи ашәақәеи рҳәара ахықәкы хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Апрограмма асасцәаны иқәгылоит ашәаҳәаҩцәа Алиас Абыхәба, Џьими Шәманиа, Сариа Аиба.

«Урҭ аоркестр рыцны рашәаҳәара аԥхьарбараны иҟалоит. Апрограмма аҿы ахәаԥшцәа ирыдгалахоит уаанӡа идмырҳәахьаз иҿыцу акомпозициақәа реиԥш, азыӡырҩцәа зегьы еицырдырхьоу ашәақәеи», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Арухаа.

Аоркестр аԥҵан 2016 шықәсазы. Аоркестр арепертуар шьақәгылоуп – аԥсуа ашәақәеи амелодиақәеи рыла. Аԥсуа музыка анаҩс аоркестр инанагӡоит иара убас ирландиатәи, италиатәи, уҳәа амелодиақәа.  Аоркестр арепертуар аҿы имаҷӡам Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рмузыкатә номерқәагьы.

Зеилазаара мыцхәы идуум ари аоркестр есышықәса, аҳҭнықалақь анаҩс Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рахь асолотә концертқәа рыла агастрольқәа мҩаԥнагоит. Аоркестр итрадициатәу аԥсуа инструментқәа -  ачамгәыр, аԥхьиарца, аҩымаа, аҿырпын, ахымаа, адаул, иара убас ҳаамҭазтәи аинструментқәа -  аелектрогитара, асгатә,  арыдтә  инструментқәа рыла ихәмаруеит.

Аҳасабырбатә концерт мҩаԥгахоит хәажәкырамза 14, асааҭ 18:00 рзы, Р. Гәымба ихьӡ зху  Аҟәатәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.


Read 281 times - Амҽыша, 17 Хәажәкыр 2024 14:11