Print this page
11.Хәажәкыр.2024

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҭыӡҭыԥқәа ԥсаххеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ицәырҵыз атехникатә уадаҩрақәак ирыхҟьаны хәажәкырамза 17, 2024 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы иалхыз алхырҭатә ҭыԥқәа рыԥсахит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.

Алхырҭатә ҭыԥ Nº8004  алхырҭатә комиссиа –Цандрыԥшь аҳабла, Октиабрьскаиа амҩа, аҩны №448, абжьаратәи ашкол Nº2 ахыбра (уаанӡа иарбаз аҭыӡҭыԥ амыцхәрас: Цандрыԥшь аҳабла, Ленин имҩа, аҩны № 8, абжьаратәи ашкол Nº1 ахыбра);

Алхырҭатә ҭыԥ Nº8442 алхырҭатә комиссиа – Калдахәара ақыҭа, ашкол-интернат ахыбра (уаанӡа иарбаз аҭыӡҭыԥ амыцхәрас: Блабырхәа ақыҭа, ақыҭа Ахадара ахыбра).     

 


Read 332 times - Ашәахьа, 11 Хәажәкыр 2024 23:31