Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти аенергетикеи рминистр Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Ареспублиатә Афымцатә Станциақәа рнапхгаҩцәа.