Print this page
07.Хәажәкыр.2024

7 960 аконтрабандатә сигареҭ ааныркылеит аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа  Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына  Renault Logan  агәаҭараан ирыԥшааит  7 960 цыра ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭын аалыҵ Soprano. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кешешиан А. А.  Аҭаҭын аалыҵ ахәҭак амашьына акапот аҵаҟа иҵәахын, егьи ахәҭак – амашьына арныҟәцаҩи аԥхьатәи апассаџьыртә ҭыԥи рыҵаҟа иҭаҵәахын.  

Иарбоу аҭаҭын аалыҵ аконфискациа азун.  Аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә-ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп.


Read 211 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 14:42