Print this page
06.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза  5 инаркны хәажәкырамза  15 аҟынӡа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥыслоит Аԥсны акоманда-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – аибарххареи ашәарҭареи  зцу аҭагылазаашьақәа рҿы арратә комиссариатқәа, арезерв хәҭақәа рыштабқәа амобилизациатә уснагӡатәқәа рынагӡара разырхиара аҩаӡара ашьҭыхра, ҳәа иаанацҳауеит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Арратә зыҟаҵарақәа рхы аладырхәуеит ареспублика амчратә структурақәа иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи арезервистцәеи.  

Арратә ҽазыҟаҵарақәа Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб  Хада аиҳабы  инапхгарала ахысырҭақәа зегьи аруаа рзы макьаназы идырым аҭыԥқәеи рҿы  имҩаԥысуеит. 


Read 115 times - Ахаша, 06 Хәажәкыр 2024 14:45