Print this page
05.Хәажәкыр.2024

2024 шықәса ҩымз рыҩныҵҟа ашәахтә шәатәқәа раҳасабала ареспублика абиуџьеҭ иалагалахеит 711,5 млн. мааҭ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса, жәабранмзазы атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 446,3 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 321,2 млн. мааҭ. Анагӡара  139% рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.

2024 шықәса ҩымз рыҩныҵҟа ареспублика абиуџьет ахь фактла ааимҭақәа идыртәеит – 711,5 млн. мааҭ, мамзаргьы  135%. Убри аан аплан иарбан 528,0 млн. мааҭ.

Сынтәа ашәахтә шәатәқәа ралагалара адинамика  иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 113,0 млн. мааҭ, мамзаргьы  119% рҟынӡа инаӡеит. .  

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҿы ҳазҭоу 2024-тәи ашықәс ҩымз рыла ааимҭақәа абасала ишьақәгылеит:

ақ. Аҟәа – аплан иарбаз - 319,1 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 358,0 млн. мааҭ, мамзаргьы  - 112%.

Гагра араион  – аплан иарбаз -103,5 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит –201,2 млн. мааҭ, мамзаргьы - 194%.

Гәдоуҭа араион – аплан иарбаз - 36,2 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 54,5 млн. мааҭ, мамзаргьы - 151%.

Аҟәа араион – аплан иарбаз - 17,7 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 28,1 млн. мааҭ, мамзаргьы - 159%.

Гәылрыԥшь араион – аплан иарбаз - 19,0 млн. мааҭ ала  фактла ааимҭақәа идыртәеит – 27,3 млн. мааҭ, мамзаргьы  144%.

Очамчыра араион – аплан иарбаз - 22,4 млн. мааҭ ала  фактла ааимҭақәа идыртәеит – 26,4 млн. мааҭ, мамзаргьы - 118%.

Ҭҟәачал араион – аплан иарбаз - 3,3 млн. мааҭ ала  фактла ааимҭақәа идыртәеит –6,9 млн. мааҭ, мамзаргьы -210%.

Гал араион – аплан иарбаз - 6,9 млн. мааҭ  ала фактла ааимҭақәа идыртәеит –  9,2 млн. мааҭ, мамзаргьы - 134%.  


Read 134 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 21:43