Print this page
05.Хәажәкыр.2024

Амилаҭтә сахьатә галереиа апортативтә реставрациатә алашагатә комплект ҳамҭас иарҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра аҟны имҩаԥысит аамҭала акультуа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыри Амилаҭтә сахьатә галереиа апортативтә реставрациатә арлашагатә комплект ҳамҭас иазҭаз аилазаара «Master light»  ахаҭарнакцәа Иван Осипови Наталиа  Ивановеи реиԥылара.  Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

«Ҳара ҳусура зызку амузеиқәа рзы еиԥш аҟазара амаҭәарқәа рреставрациа мҩаԥызго алабоаториақәеи рзы арлашагатә маругақәа рҭыжьра ауп.  

Иахьа ҳара Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҳҭеит «Renova 2dr» ҳәа изышьҭоу ареставрациатә портативтә арлашагатә комплекс», – ҳәа иҳәеит Иван Осипов.

Динара Смыр Санкт-Петербургынтәи иааз асасцәа Амилаҭтә сахьатә галереиа азы иҟарҵаз хәызмаӡам аҳамҭа азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Аилазаара Master light зхаҭабзиара ҳараку алашарадиодтә  еиқәыршәагақәеи аксессуарқәеи ҭзыжьуа еицырдыруа урыстәылатәи абренд ауп. 

 

 


Read 119 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 20:21