Print this page
27.Жәабран.2024

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа инамаданы ирыдныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа инамаданы ирыдныҳәалеит, ирзеиӷьаршьеит арҿиаратә еихьӡарақәа, агәазҭазаара, ауаажәларра рҟынтәи дара ирбо аџьабаа аилкаара,  ажәабжь бзиақәа! 

«Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа. Апрессеи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи рхаҭарнакцәа шықәсырацәа инеиԥынкыланы русеицура апрофессионалтәи ахықәкынаӡаратәи аҟазшьа аархәеит. Ари амш аҽны традициала ишаԥу еиԥш адныҳәаларақәеи агәабзиара, аизҳазыӷьара, арҿиаратә еихьӡарақәа раиуразы азеиӷьашьарақәеи рыҟаҵара анаҩс, активра злоу, гәыкала ишәзыҟоу аԥхьаҩцәеи ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи  шәзеиӷьаҳшьоит. Избан акәзар дара роуп имариам ажурналист иусура аҿы шәара шәџьабаа, шәырҿиаратә потенциал, шәзанааҭдырра  ахәшьара аҭара зылшо», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.


Read 209 times - Амҽыша, 03 Хәажәкыр 2024 19:50