Print this page
23.Жәабран.2024

39 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара  Амаҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит 39 цыра аус зуаз, ӡылатәи архьшәашәагақәа зцу акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа  (амодел Whatsminer M30S+)            , ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Амаининг ферма Аҟәа ақалақь, Адыгаа рымҩа № 9 ала иҟоу ашьҭаҵарҭақәа иахьрыҵанакуа атехникатә уадақәа руак аҿы иҟан.

Иҟоу адыррақәа рыла, иарбоу аппаратқәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Евдокимов К.С. итәуп.  Иааизакны урҭ ирго афымцамч амчхара 117 квт/с. рҟынӡа инаӡоит.


Read 437 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 17:25