Items filtered by date: Ашәахьа, 10 Абҵара 2025
Сухум. 10 ноября 2025. Апсныпресс. Леван Пхаладзе успешно выступил на белорусском музыкальном шоу талантов «Фактор. BY» и прошёл в следующий этап, исполнив композицию «Не вставай на колени».
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араионтә Еизара Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи адепутатцәа рхыԥхьаӡарала зегьы раасҭа еиҳауп.
Абҵарамза 8 рзы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаалақәа рыла 32-ҩык рҟынтәи 31-ҩык адепутатцәа алырхит. Алхратә ҭыԥхада №28 (ақыҭа Елыр) аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 6 рзы.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчалтәи араионтә Еизара ахь алхрақәа иҭышәынтәаланы имҩаԥысит. Аилагарақәа ҳәа акагьы аарԥшӡамызт, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит араионтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Вахтанг Харчлаа.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа аараионтә Еизара ахь 15 мандат раиуразы иқәгылан 28-ҩык адепутатрахь акандидатцәа.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 10 рзы амилициа Амшнышәа иазку аныҳатә еизара мҩаԥысит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.
Азал иааҩнаргалеит Ареспублика Аԥсны абираҟи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра абираҟи.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы Ари амш азакәан, ауаажәларратә зинтә леишәа, ҳтәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы игылоу зегьы аџьшьара рыҭара, иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара анҳамоу мшуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 9 рзы, Москва ақалақь, «Лиудмила Соколова лмиузик-холл» аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Одиссеи Аџьынџьал ихкытә концерт мҩаԥысит.
Одиссеи ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, ари акыр аамҭа иазԥхьагәаҭан имаз, зыпрограмма ҭбааз концертын. Ахкытә концерт иҷыдоу сасцәаны иаҭааит Лиудмила Соколова, Валериа Белова, Сабина Шамсет, Валери Стронски, иара убас ателепроект «Ты супер!» аҿы аиааира згаз Валериа Адлеиба.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араионтә Еизара ахь 25 ҭыԥ рахь иқәгылан 49-ҩык адепутатрахь акандидатцәа.
Гагра араионтә Еизара адепутатцәа иалырхит:
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәеи ахатәы еилазаареи амилициа Амш рыдиныҳәалеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа 104 -шықәса ахыҵра иазкны Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы дықәгыло иара ари амш амзар аҿы баша рыцхәны ишыҟам, ари амш гәыкала, ламысла азанааҭтә уалԥшьа анагӡареи, афырхаҵареи ахацәнымырхареи, есыҽны атәыла ашәарҭадареи азакәанеиҿкаареи рыхьчараҿы игылоу рџьабааи иасимволны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба амилициа Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәа. Абҵарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара ахь 19 ҭыԥ рахь иқәгылан – ҩык адепутатрахь акандидатцәа.
Аҳҭнықалақьтә Еизара аилазаара ҿыц аҿы хацәеи ԥҳәыски рыла ишьақәгылеит. Жәҩык адепутатцәа ҩаԥхьа еиҭалырхит.
Аҟәа ақалақьтә Еизара алепутатцәас иалхуп:





