АҾЦӘАЖӘАРА

Items filtered by date: Ашәахьа, 03 Рашәара 2024

Аҟәа. 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агәыӡера иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра аррахәышәтәырҭа Хада даҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәараан игәеиҭеит ааигәа еиҭашьақәыргылаз аԥҟарҭатә ҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәша, иара убас аԥҟарҭатә уадақәа.

Аҳақьым хада Алиас Џьынџьал аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит аҳәышәтәырҭа аинфраструктура шьаҭанкыла ишырҿыцу, иара убас амедицинатә мыругақәа шаахәоу.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, мчыбжьык анаҩс ирылагоит аполиклиникатә ҟәшақәа реиҭашьақәыргылара, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи уи иазоужьуп 30 млн. мааҭ. «Ас еиԥш аусура хымԥада иаҭахын, ари аҟәшаҿы 1967 шықәса раахыс арҿыцратә усура мҩаԥгаӡамызт», - ҳәа иҳәеит Алиас  Џьынџьал.

Уи аԥхьа ибиуџьеттәым аинвалидцәа р-Фонд ахарџьқәа рыла иаахәан алапароскопиатә, аендоскопиатә мыругақәа, астационартә УЗИ аппарат налаҵаны.

Агәабзиарахьчара аминистрра иара убас ахәышәтәырҭа ацхыраара ҟанаҵеит, ианаҭеит аԥҟарҭа аишәа, аԥҟарҭазы лампа, арбагаршыгатә шькаԥ, автоклав, амаҭәахәқәа реизгеи арентгентә аппарати. «Агәабзиарахьчара аминистрра аррахәышәтәырҭа Хадеи Араионтә хәышәтәырҭа Хадеи адгылара рынаҭоит. Араион дууп, ачымазацәа рацәаҩны ахәышәтәырҭа иадҵаалоит»,- ҳәа иҳәеит агабзиархьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи уи ихаҭыԥуаҩцәа – Беслан Ҵнариеи Ливтина Ажьибеи дырԥылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп аомбудсмен лофициалтә саит аҿы. Аиԥылара иалахәын иара убас араион Ахадара аструктуратә ҟәшеиҵақәа рхаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араионтә Еизара ахантәаҩы, араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи араион апрокуратуреи рнапхгара.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи реимадара, русеицура аԥышәа, араион аҿы ицәырҵуа актуалра злоу, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат алахәхара зҭаху азҵаарақәа, араион ауааԥсыра Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат ахь адҵаалара шрылшо азы адырра рыларҵәара, араион иҷыдоу амаҵзурақәа русура, Ауаҩы изиқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати араион Ахадареи астатистикатә дыррақәа рыла аимадара рыбжьаҵара, аҭаацәа-бзазаратә амч ахархәара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҳәынҭқарратә Дума ааԥхьарақәа быжьба рдепутат, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Адума акомитет алахәыла, Асовет Еидгыла Афырхаҵа, Урыстәылатәи Афедерациа Афырхаҵа  Артур Чилингаров иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы дидышшылеит.

«Артур Николаи-иԥа Чилингаров – адунеи аҿы зыхьӡ   нагаз аҵарауаҩ, агеографиатә наукақәа рыҭҵааҩы, апрофессор, академик  иԥсҭазаара алҵра – уи дыздыруаз зегьы, инаигӡоз анаукатә, ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усура атәы здыруаз зегьы рзы цәыӡ дууп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.  

Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 51 инақәыршәаны, Ареспублика Аԥсны Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.

Иара убри аамҭазы, «Ареспублика Аԥсны Ахада изы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ  7, ахәҭа 1 инақәыршәаны, ҿыц иалырхыз Ахада имаҵура данахагыло Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа алахәылацәа алархәны аҭоуба шьҭаиҵоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аҵарауаҩ, аокеанолог Артур Чилингаров иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Сшәыдышшылоит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, Урыстәылатәи Афедерациа Афырхаҵа Артур Чилингаров иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. Ҳара зегьы дҳаԥхеит зыхьӡ-зыԥша дууз урыстәылатәи аҵарауаа реилазаара ахаҭарнак. Артур Николаи-иԥа Арктикеи Антарктикеи рыҭҵаара аус аҿы акыр злага ду алаз  иналукааша ҵарауаҩын, ҭҵааҩын.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 1 азы традициала ишаԥу еиԥш иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.  Аха сынтәа иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ари аныҳәа азгәаҭара рашәарамза 3 ахь ииаган.  

Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь, Ареспублика Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рыҟны еиԥш, ахәыҷқәа рзы еиҿкаан арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы.  Аҟәа ақалақь, Т. Шамба ихьӡ зху апарк аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рааӡамҭацәа злаху аныҳәатә концерт еиҿкаахеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны апрокуратура азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Азакәан апроект Аԥсны Аконституциа  ақәныҟәареи ареспублика аҿы иҟоу азакәанқәа рынагӡареи азакәанра акзаареи арӷәӷәареи ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара, иара убас азакәан ахьчара иаҵанакуа аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рынагӡара иахәҭоу ахылаԥшра азы апрокуратура аусура амеханизмқәа рырӷәӷәареи реиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәан.  

Иабоу азакәан апроект иҿыцу алагалақәа азԥхьагәанаҭоит. Убарҭ иреиуоуп:

– Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура еиҵоу аҩаӡараҿы иҟоу апрокурорцәа еиҳау аҩаӡараҿы иҟоу апрокурорцәеи апрокурор Хадеи рхьыԥшра ала ишьақәгылоу иаку еизаку асистема ауп;

– Апрокурор административтә усеилыргарақәа рхацыркреи административтә усеилыргарақәа рымҩаԥгареи рзы азинмчы иоуеит;

– Апрокурорттә хылаԥшра амҩаԥгара аҽалагалара алмыршара азы ахәҭаҷ, иназыцҵоу аԥҟарала ихарҭәаахоит. Уи инақәыршәаны, азыҳәаҩ аусшәҟәқәа рҟынӡа инаӡара, ирбара азы алшара иҭаразы шәҟәыла еиқәыршәоу аӡбамҭа рыдыркылоит: Апрокуратура Хада аҿы -  апрокурор Хада, уи ихаҭыԥуаҩцәа, Апрокуратура аусбарҭақәеи аҟәшақәеи рнапхгаҩцәа, ақалақьқәа, араионқәа, арратәии егьырҭ аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апрокуратурақа рҿы – уи азы азинмчы змоу апрокурор, мамзаргьы уи ихаҭыԥуаҩцәа;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроекти рыдыркылеит.

«Ачымазара ҿыкқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаара иазку апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы» азакәан апроект ачымазара ҿыкқәа  рзы аиммунопрофилактика амҩаԥгара аганахьала аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.

Иарбоу азакәан апроект, уи авторцәа ргәаанагарала, алаҵақәа рыҟаҵаралеи егьырҭ апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәеи реиҿкааралеи ачымазара ҿыкқәа раԥыхреи рыларҵәара аанкылареи азаардырреи   иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа еффективла рынагӡара иацхраауеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 3 июня 2024. Апсныпресс. Концерт, посвящённый Дню защиты детей, прошёл на площади Победы в Гагре 2 июня. Он был организован отделом культуры Гагрского района совместно с комитетом по физической культуре, спорту и делам молодёжи администрации Гагрского района при поддержке благотворительного фонда «Мадонна Лили».

Икьыԥхьуп Новости
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.