04.12.2019 15:20
98
03.12.2019 15:14
94
02.12.2019 18:13
96
02.12.2019 17:23
94
02.12.2019 16:43
100
02.12.2019 15:50
95
29.11.2019 14:51
94
29.11.2019 12:11
98
28.11.2019 14:23
258
28.11.2019 11:14
240
27.11.2019 20:04
244
27.11.2019 17:03
234
27.11.2019 15:28
194
27.11.2019 11:44
196
27.11.2019 11:19
202
25.11.2019 17:17
192
Популярное
04.12.2019
102
04.12.2019
98
02.12.2019
96
02.12.2019
95
Киокусинкаи азы Аҧснытәи еизгоу акоманда Еиҭасуа Домбаи Ахраҿа анашьахеит
141
18.06.2019 13:44

Шинкиокусинкаи (кумите) азы Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ Иаарту аҧхьахәгара мҩаҧысит Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 18. Аҧсныпресс. Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика аҳабла Домбаи аҿы шинкиокусинкаи (кумите) азы Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ Иаарту аҧхьахәгара мҩаҧысит. Аицлабрақәа мҩаҧысуан 6-7, 8-9, 10-11 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәеи, 12-13, 14-15 шықәс зхыҵхьоу арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара.
Атурнир рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкессиа, Краснодартәи атәылаҿацәа, Аахыҵ Уаҧстәыла, Даҕьсҭан, Ставропольтәи атәылаҿацә, Аҧсны рҟынтәи, уҳәа 180 -ҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа. Аҧсны еизгоу акоманда аилазаараҿы иҟан 27-ҩык аспортсменцәа.
Карате киокусинкаи азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа адырра ҟаиҵеит: “Имҩаҧгаз аиндаҭларақәа реихшьаалақәа рыла, аҧснытәи аспортсменцәа актәи аҭыҧқәа 7, аҩбатәи аҭыҧқәа 4, ахҧатәи аҭыҧқәа 6 ааныркылеит”.
Аиааира згаз иреиуахеит Баграт Кәтарба (ОФКА ақ. Аҟәа), Марк Устинов (“Спарта” ақ. Аҟәа), Адамыр Ҳаџьымба, Алина Глушкова, Лера Џьалаҕониа, Анаида Мелкониан (ОФКА аҳабла. Агәыӡера), Сабина Кәарҷиа (ОФКА ақ. Очамчыра).
Аҩбатәи аҭыҧқәа ааныркылеит: Самед Бабаев (“Спарта” Аҟәа), Ахмати Давиди Аџьынџьалаа (ОФКА аҳабла Агәыӡера), Алина Акритова (ОФКА аҳабла Агәыӡера). Ахҧатәи атыҧқәа – Илиа Анқәаби Инал Парцхалиеи (ОФКА ақ. Аҟәа), Руслан Карапетиан, Роберт Карапетиан, Виолетта Кондакчиан (ОФКА аҳабла Агәыӡера), Андреи Сачков (ОФКА ақ. Очамчыра).
Аҧсны еизгоу акоманда Актәи азеиҧшкомандатә ҭыҧ ааннакылеит. Уи Киокусинкаи азы Еиҭасуа Домбаи Ахраҿа анашьахеит.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Витали Ҷыҭанаа (ОФКА ақ. Аҟәа), Зураб Мурадиан (ОФКА ақ. Очамчыра), Ҭемыр Ҷыҭанаа (ОФКА аҳабла Агәыӡера).
Аҧсны еизгоу акоманда атурнир алахәхара алыршахеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рыҟәша, Акоммерциатә Банк “Аҟәа-Банк”, Ареспубликатә унитартә Наплакы “Аҧсны абылтәы” адиректор Беслан Аҩӡба, Иарку Аокционертә Еилазаара “ЛБ”, Иарку Аокционертә Еилазаара “Дельфин 2000” анапхгаҩцәа, уҳәа рыцхыраара иабзоураны.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.