09.12.2019 12:03
67
06.12.2019 17:04
47
05.12.2019 16:34
57
05.12.2019 15:37
45
04.12.2019 15:20
169
03.12.2019 15:14
165
02.12.2019 18:13
163
02.12.2019 17:23
161
02.12.2019 16:43
163
02.12.2019 15:50
166
29.11.2019 14:51
161
29.11.2019 12:11
155
28.11.2019 14:23
304
28.11.2019 11:14
280
27.11.2019 20:04
284
Популярное
04.12.2019
177
04.12.2019
169
03.12.2019
165
03.12.2019
163
09.12.2019
67
Аҧсны иҟоу абылрақәа рырцәара иазырхоу аусмҩаҧгатәқәа ахы аланархәуеит Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра авиациа
265
18.11.2019 10:21

Аҧсны ашьхаҳаракыраҿы иҟоу абнарахь инашьҭуп Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра авиациа иатәу аҳаирплан Бе-200, иара убас аҵәиҧрыга Ми-8.
Аҟәа. Абҵарамза 18. Аҧсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра авиациа иатәу аҳаирплан Бе-200, аҵәиҧрыга Ми-8 Аҧсны ашьхаҳаракыраҿы иҟоу абнараҿы абылра арцәара иазку аусмҩаҧгатәқәа рҿы ацхыраара ҟарҵоит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофициалтә саит.
Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, ашьыжь, абҵарамза 18 ажәытә Гагра иахьаҵанакуа инаркны Холоднаиа речка аҟынӡа аусурақәа мҩаҧысуан. Аиқәырхаҩцәа амца арцәаразы аӡы ргоит амшын аҿы еиҧш ашьхатә ӡиақәа рыҿгьы. Аҵәиҧрыга Ми-8 амца зымҽхаку аҭыҧ знык ала 5 тоннак рҟынӡа аӡы ақәҭәара алшоит, Бе-200 – 12 тоннак рҟынӡа. Иахьазы аҳаирплан Бе-200 Аҟәатәи араион, Двуречие аҳаблеи Ҧсҳәы ақыҭеи рахь ахы архоит. Абылра ахьыҟалаз атерриториа ҕәҕәала алҩа ахьықәчу инамаданы, хара акы убаратәы иҟам. Уи аиқәырхаҩцәа русура акыр иаруадаҩуеит.
(АП): Ҧсҳәы ақыҭеи Двуречие аҳаблеи рҿы абнақәа амца ркит ҳәа адырра, Аҧсны иҷыдоу аҭагыазаашьақәа рзы Аминистрра ахь инеит абҵарамза 9 рзы.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.